Петер Мадиар - Венгриа Украина ирласӡаны Евроеидгылахь алалара иақәшаҳаҭым
Апартиа «Тиса» алидер Петер Мадиар иҳамҭала, Евроеидгылахь Украина аалара азҵааразы ареферендум мҩаҧгахоит, аха, уи ааигәа изыҟалом.
Петер Мадиар ишазгәеиҭаз ала, Венгриа Украина ирласӡаны Евроеидгылахь алалара иақәшаҳаҭым.
«Еибашьуа атәыла Евроеидгылахь адкылара ҟалом. Аиҿцәажәара апунктқәа зегьы ирылацәажәаанӡа абри аҩыза азҵаарақәа рыхәаҧшра ҟалом», — иҳәеит Мадиар.
Апартиа «Тиса» алидер ишазгәеиҭаз ала, акандидат астатус змоу атәылақәа зегьы ирзеиҧшу апроцесс иахысроуп.
«Украина ари апроцесс иахысыр, Венгриа ари азҵааразы ареферендум мҩаҧнагоит, аха, уи ааигәа изыҟалом. Анеҩстәи жәашықәса ирылагӡаны ари азҵаара ҳахәаҧшуам», — иҳәеит Мадиар.
Иара убас, Мадиар ишиҳәаз ала, Украина 90 миллиард евро акредит аҭара даҿагылом, аха, ишиҳәаз ала, Венгриа ари апроцесс иалахәхәом.