Павел Герчински - Аиҿкаара алаларазы аиҿцәажәарақәа ралагара иазку иашьҭанеиуа аетап ахь ирласны ҳиасуеит, ари азы исериозу ареформақәа мҩаԥгатәуп, алхратә кампаниа иахәамԥшыкәа ари азҵаара аус адулара нагӡахап ҳәа сгәӷуеит

Жәшьаҿак рынагӡара аус адулара ҳаҿуп, иаауа амчыбжь азы ари азҵааразы Бриуссель, Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе аҵак ҷыда змауа аиԥыларақәа мҩаиԥигоит, – иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Герчински.

„Аиҿкаара алаларазы аиҿцәажәарақәа ралагара иазку иашьҭанеиуа аетап ахь ирласны ҳиасуеит, ари азы исериозу ареформақәа мҩаԥгатәуп, алхратә кампаниа иахәамԥшыкәа ари азҵаара аус адулара нагӡахап ҳәа сгәӷуеит. Жәшьаҿак рынагӡара аус адулара ҳаҿуп, иаауа амчыбжь азы ари азҵааразы Бриуссель, Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе аҵак ҷыда змауа аиԥыларақәа мҩаиԥигоит. Аамҭакала Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла аделегациа ацхыраара азыхиуп, аха ақырҭуаа аусура рхаҭа нарыгӡароуп”, -иҳәеит ацӡаражәҳәаҩ.