Павел Герчински апротестқәа раан иаанкылаз ауаа рҭаацәарақәа рылахәцәа дырҧылеит
Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Герчински апротестқәа раан иаанкылаз ауаа рҭаацәарақәа рылахәцәа дырҧылеит.
Иаанкылоу ауаа руацәа аиҧылара ашьҭахь ишырҳәаз ала, арҭ ауаа раанкылараан азинхьчаратә органқәа рхаҭарнакцәа амч рхы иадырхәит. Дара ацҳаражәҳәаҩ иахь ааҧхьара ҟарҵеит амчылара зхароу ауаа ирҿагыланы асанкциақәа дырҭбаарц. Герчински арҭ ауаа ацхыраара иақәиргәыҕит, аха, конкретла шьаҿақәас иҟаиҵо макьана идырым.
Иаанкылоу Звиад Цецхлаӡе иаб Зураб Цецлаӡе ишиҳәаз ала, Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ атәылаҿ имҩаҧысуа апроцессқәа дрылацәажәеит.
«Аиҧылараҿы конкретла ҳара иҳадҳәалоу афактқәа рылацәажәара алшара ҳаман, аанкылара апроцесс шымҩаҧысуаз, иаанкылоу ауаа иахьатәи рҭагылазаашьа иазкны изеиҭаҳҳәеит. Арҭ апроцессқәа алҵшәа рхылҵырц азыҳәан наҟ-наҟ иҟаҵатәу ҳалацәажәеит. Хаҭала сара сиҳәеит Евроеидгыла излауа ала, иџьбароу ашьаҿақәа ҟанаҵарц, ҳтәыла иахьатәи анапхгара иаҳа ирықәыҕәҕәарц, дара иаанкылоу ауаа зегьы иоужьҭны, ари атәыла аҭынчра азаазгаша аҿыц алхрақәа рыҿҳәара ҧырҵәарц», — иҳәеит Зураб Цецхлаӡе.