Павел Герчински – Қырҭтәыла аиҳабыра аҵыхәтәантәи рыӡбарақәа рымшала ари атәыла Евроеидгыла алалара иацәыхарахоит
«Қырҭтәыла аиҳабыра аҵыхәтәантәи рыӡбарақәа рымшала ари атәыла Евроеидгыла алалара иацәыхарахоит — алҵшәагьы лабҿаба ижәбоит», — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Герчински.
Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла Евроеидгыла иалалар зҭаху акандидат тәылақәа зегьы реиҧшҵәҟьа, ареформақәа рымҩаҧгара иахәҭан.
«Ҳара Қырҭтәыла акандидат астатус анаҳшьеит 2023 шықәса жәабран азы. Ақырҭуа жәлар ргәазыҳәара иазҧхьагәаҭаны, Қырҭтәыла анапхгара Евроеидгыла алаларазы иаҭаху ареформақәа зегьы мҩаҧыргап ҳәа ҳгәыҕуан.
Аха, рыцҳарас иҟалаз, апрогресс ҳбом, уи еиҳангьы, Қырҭтәыла аиҳабыра аҵыхәтәантәи рыӡбарақәа рымшала ари атәыла Евроеидгыла алалара иацәыхарахоит, алҵшәагьы лабҿаба иубарҭоуп.
Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ иаҳасабала, сара даараӡа сгәы иалсит акандидат тәылақәа зегьы рҽалархәрала иацы имҩаҧгаз Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа реиҧылара Қырҭтәыла иахьалахәымыз», — иҳәеит Павел Герчински.