Павел Герчински – Рашәара 23 рзы, Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа, есымзатәи рхеилакаҿ еизаны, Қырҭтәыла имҩаҧысуа ахҭысқәа ирылацәажәоит
Павел Герчински – Рашәара 23 рзы, Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа, есымзатәи рхеилакаҿ еизаны, Қырҭтәыла имҩаҧысуа ахҭысқәа ирылацәажәоит

Рашәара 23 рзы, Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа, есымзатәи рхеилакаҿ еизаны, Қырҭтәыла имҩаҧысуа ахҭысқәа ирылацәажәоит, – иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Герчински ажурналистцәа данрацәажәоз.

Иара иажәақәа рыла,  Евроеидгыла алахәылацәа 3 зҵаарак ирылацәажәар ҟалап.

«Евроеидгыла иалоу аҳәынҭқаррақәа ирҭаху иалацәажәар рылшоит. Дара иарбан зҵаарақәоу излацәажәо цқьа исыздырӡом, аха, заанаҵы имҩаҧгаз аконсультациақәа инрықәыршәаны, ишәасҳәар сылшоит, бжеиҳарала, 3 зҵаарак ишрылацәажәо. Актәи азҵаара  — Евроеидгыла иаҿагыло адезинформациа ду, иҳаракӡоу аҩаӡараҟны имҩаҧысуа Евроеидгыла адемонизациа. Аҩбатәи азҵаара  — ауаҩы изинқәа реилагаразы асанкциақәа рышьақәыргылара алшара. Ахҧатәи азҵаара  — авизадатә режим иацу аҧыжәарақәа, атәылаҿы ауаҩы изинқәа шеилагоугьы, ақырҭуаа ари арежим рхы иадырхәоит. Аха, шәааи, ашәахьа ҳазыҧшып», — иҳәеит  Герчински.