Павел Герчински - Қырҭтәылзы европатәи аԥеиԥш зҭаху, ари азы адәахьы игылоу ақырҭуа жәлар рхьырхәра акәӡам хықәкыс иҳамоу, ҳара  арепрессиақәа рзы аҭакԥхықәра зду ахаҿқәа рхьырхәра акәын хықәкыс иҳамаз
Павел Герчински - Қырҭтәылзы европатәи аԥеиԥш зҭаху, ари азы адәахьы игылоу ақырҭуа жәлар рхьырхәра акәӡам хықәкыс иҳамоу, ҳара арепрессиақәа рзы аҭакԥхықәра зду ахаҿқәа рхьырхәра акәын хықәкыс иҳамаз

Қырҭтәылзы европатәи аԥеиԥш зҭаху, ари азы адәахьы игылоу ақырҭуа жәлар рхьырхәра акәӡам хықәкыс иҳамоу, ҳара  арепрессиақәа рзы аҭакԥхықәра зду ахаҿқәа рхьырхәра акәын хықәкыс иҳамаз, – иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Герчински ажурналистцәа данрацәажәоз.

Герчински иажәақәа рыла, Қырҭтәыла адемократиа аганахьала шьҭахьҟа ицоит, ари акыраамҭа нагӡоит, ари ахҭыс Евроеидгыла ақәҿыҭрада ааныжьра алшомызт.

“Ақырҭуа жәлар ралаӡареи, европатәи аԥеиԥши адемократиеи гәык ала рзыҟазаареи џьашьахәыс иҳамоуп. Урҭ есуха ара, Русҭавели имҩаду аҿы игылоуп рыхшара еиӷьу аԥеиԥш рымазарц азы. Қырҭтәылзы европатәи аԥеиԥш зҭаху, ари азы адәахьы игылоу ақырҭуа жәлар рхьырхәра акәӡам хықәкыс иҳамоу, ҳара  арепрессиақәа рзы аҭакԥхықәра зду ахаҿқәа рхьырхәра акәын хықәкыс иҳамаз”, – иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ.

Евроеидгыла ахеилак ақырҭуа дипломатцәеи зранг ҳараку амаҵзуҩцәеи рзы авизадатә режим аанкылара иазку аӡбара рыдыркылеит. Ари аӡбара рыдыркылеит Қырҭтәыла ҵыҧх иаднакылаз азакәанқәак иаҭакны. Евроеидгыла агәаанагарала, ари азакәанҧҵара ақырҭуа жәлар ршьаҭанкылатә зинқәа еиланагоит. Қырҭтәыла иҟанаҵо ашьаҿақәа Евроеидгыла аинтересқәа ирҿагылоит. Иара убас, ари аӡбара ала, аҭынчратә демонстрантцәеи, аполиткицәеи, ихьыҧшым АИХқәеи рганахьала атәыла анапхгара имҩаҧырго арепрессиақәа рзы ақәҿыҭра ҟарҵеит. Абжьааҧнытә паспортқәа змоу Қырҭтәыла атәылауаа, ҧасеиҧш, авизадатә режим рхы иадырхәар рылшоит.