Москва ақалақь аҿы дронла ақәылара мҩаԥысит.
“Ахьчара Аминистрра аҳауатә хьчаратә мчрақәа Москваҟа ицоз уаҩы дызҭамыз аҳаиртә ныҟәага ықәырхеит.
Урыстәылатәи аинформациатә хархәагақәа изларҳәо ала, ажәылара Москватәи ҩ-ҳаиртә баӷәазак – Домодедовои Жуковскии рҿы аусура аамҭала иаанкылан.
Иаҳгәалаҳаршәоит, Украина иҳаҩсыз амчыбжь азы Москватәи анефт еилырхратә зауад дронла ҩ-жәыларак мҩаԥнагеит.