Парижтәи апрокуратура аинформациала, "Телеграм" ашьаҭаркҩы Павел Дуров Франциа акиберацәгьоура иазку аусԥшаара аҳәаақәа ирҭагӡаны даанкылан
Парижтәи апрокуратура аинформациала, "Телеграм" ашьаҭаркҩы Павел Дуров Франциа акиберацәгьоура иазку аусԥшаара аҳәаақәа ирҭагӡаны даанкылан

Парижтәи апрокуратура аинформациала, “Телеграм” ашьаҭаркҩы Павел Дуров Франциа акиберацәгьоура иазку аусԥшаара аҳәаақәа ирҭагӡаны даанкылан. Париж апрокурор Лора Беко ишаалыцҳаз ала, аусԥшаара изакәаным аԥаратә аиагарақәеи, ахәыҷқәа рнагахьала асексуалтә ацәгьоуреи, анапхыцәгьареи, анапхгара рҟны аусеицура мап ацәкреи ирызкуп.

Аусԥшаара еиҿкаау ацәгьоура аԥырҟәҟәаара адепартамент аусуҩцәа рганахьала ԥхынгәы 8 рзы иалагеит. Акиберацәгьоуреи анапхыцәгьареи ахырхарҭала аус зуа аусԥшааҩцәа 12 ацәгьоурақәа рыҭҵаара иаҿуп.

Парижтәи апрокуратура аӡбарала, Телеграм ашьаҭаркҩы Павел Дуров иаанкылара аҿҳәара даҽа 96 сааҭк ацырҵеит.

Телеграм аланарҵәаз аҳәамҭа инақәыршәаны, Дуров ииҵәахыша ҳәа акгьы имам.

Дуров Телеграм амодераторцәа рацәаны амам ҳәа ахара иқәырҵоит, ари амзызла асоциалтә каҭа еиуеиԥшым ацәгьоурақә арзы аартуп ҳәа.

Дуров иаанкылара иазкны аҳәамҭа Еммануель Макронгьы ҟаиҵеит. Франциа ахада иажәақәа рыла, Дуров Франциа имҩаԥысуа аусԥшаара аҳәаақәа ирҭагӡаны даанкылоуп, ари аполитикатә аӡбара акәӡам.

39 шықәса зхыҵуа Павел Дуров иацы, Франциа, Ле Буржетәи аҳаирбаӷәазаҿ даныркылеит.