Папа Римтәи Франциск анышә дарҭеит Санта-Мариа-Маџьоре абазиликаҿ
Папа Римтәи Франциск анышә дарҭеит Санта-Мариа-Маџьоре абазиликаҿ

Папа Римтәи Франциск анышә дарҭеит Санта-Мариа-Маџьоре абазиликаҿ. Аԥсыжраан иҟан акардиналцәеи, Франциск иҳақьым Массимилиано Страпетии мацара.

Апонтифик аҵыхәтәантәи амҩахь анаскьагаразы еизеит зықьҩыла ауааԥсыра. Ватикан аинформациала, Папа Римтәи Франциск наунагӡа абзиараз ҳәа иарҳәарц иааит 250 000-ҩык раҟара. Папа Римтәи инышә аҭара ацеремониа аҽалархәразы Рим иаҭаауеит 150 жәларбжьаратә делегациақәа. Асасцәа иреиуп ЕАШ ахада Дональд Трампи Меланиа Трампи, апринц Уилиам, Украина ахада Володимир Зеленски,  Германтәыла ахада Франк-Вальтер Штаинмаиер, аканцлер Олаф Шольц, Европатәи акомиссиа ахантәаҩы Урсула фон дер Лаиен, Франциа ахада Еммануэль Макрон.

Папа Римтәи Франциск 88 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит  мшаԥы 21 рзы. Акардинал Хорхе Марио Берголио акатоликтә уахәама аԥхьагылаҩс далырхит 2013 шықәса хәажәкыразы, папа Бенедикт XVI инапынҵақәа анышьҭеиҵа ашьҭахь. Папа Римтәи Франциск агәаҵәыхь цәгьа иман, уи Римтәи Џьемелотәи ахәшәтәырҭа жәабан 14 рзы дышьҭарҵеит.

Папа ҿыц 15-20 мш ирылагӡаны далырхроуп. Иҟоу адыррақәа рыла, аконклав лаҵара 6 рзы еизоит.