Оливер Вархеи -  Азҵаабҕьыц ала ҳара Қырҭтәыла аполитикатәи аекономикатәи ҭагылазаашьа зеиҧшроу еилаҳкаар ҳҭахуп, уи европатәи амҩаҿы раҧхьатәи шьаҿоуп
Оливер Вархеи -  Азҵаабҕьыц ала ҳара Қырҭтәыла аполитикатәи аекономикатәи ҭагылазаашьа зеиҧшроу еилаҳкаар ҳҭахуп, уи европатәи амҩаҿы раҧхьатәи шьаҿоуп

Евроеидгыла Иреиҳаӡоу акомиссар  Оливер Вархеи иҳәамҭала,  Евроеидгыла Ахеилак Қырҭтәыла иадҳәаланы аихшьаала излауа ала ирласны ицәырнагарц азыҳәан, Евроеидгыла Қырҭтәыла аус ацура иазыхиоуп.

Қырҭтәыла иҟанаҵаз азыҳәамҭа иадҳәалоу азҵаабҕьыц аҭараан Еврокомиссар Вархеи Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили иахь ихы рханы ишиҳәаз ала, азҵаабҕьыц аҭара – акандидат истатус аиура апроцесс аҿы раҧхьатәи шьаҿоуп.

«Ҳаҭыр зқәу аминистр, Евроеидгыла алаларазы иҟашәҵаз азыҳәамҭа инақәыршәаны, Евроеидгыла Ахеилак адҵала, шәзыҳәамҭа ахәшьараҭаразы аусура ҳалагарц ҳаӡбеит.   Актәи аетап азҵаабҕьц аҭара ауп изызку. Азҵаабҕьыц ала ҳара Қырҭтәыла аполитикатәи аекономикатәи ҭагылазаашьа зеиҧшроу еилаҳкаар ҳҭахуп, уи европатәи амҩаҿы раҧхьатәи шьаҿоуп. Евроеидгыла Ахеилак Қырҭтәыла иадҳәаланы аихшьаала излауа ала ирласны ицәырнагарц азыҳәан, Евроеидгыла Қырҭтәыла аус ацура иазыхиоуп», — иҳәеит Вархеи.