Евроеидгыла ахеилак Еврокомиссиахь ааҧхьара ҟанаҵеит Украинеи, Қырҭтәылеи, Молдовеи иҟарҵаз азыҳәамҭақәа ирыхәаҧшырц
Евроеидгыла ахеилак Еврокомиссиахь ааҧхьара ҟанаҵеит Украинеи, Қырҭтәылеи, Молдовеи иҟарҵаз азыҳәамҭақәа ирыхәаҧшырц

Евроеидгыла ахеилак Еврокомиссиахь ааҧхьара ҟанаҵеит Украинеи, Қырҭтәылеи, Молдовеи иҟарҵаз азыҳәамҭақәа ирыхәаҧшырц. Ари атәы иануп Версаль имҩаҧысуа Евроеидгыла асаммит раҧхьатәи амш аихшьаала иазку аҳәамҭаҿы.

5 пункт рыла ишьақәгылоу аҳәамҭаҿы Евроеидгыла алидерцәа урыстәылатәи агрессиа иақәыӡбан, Урыстәылахь ааҧхьара ҟарҵеит зыҧшра ҟамҵакәа рбџьармчқәа Украина иалыргарц.

Европатәи алидерцәа ишазгәарҭаз ала,  Украина европатәи аҭаацәараҿы иаҭыҧуп.

«Жәабран  28 рзы Украина ахада Украина Евроеидгылашҟа алаларазы азыҳәамҭа ҟаиҵеит. Евроеидгыла аоперативла аус аун, Еврокомиссиахь ааҧхьара ҟанаҵеит  Украинеи, Қырҭтәылеи, Молдовеи иҟарҵаз азыҳәамҭақәа ирыхәаҧшны, ргәаанагара аадырҧшырц. Украина европатәи аҭаацәараҿы иаҭыҧуп», — иануп Евроеидгыла ахеилак аҳәамҭаҿы.