Оливер Варҳеи иҳәамҭала, Евроеидгыла арҭбаара – аҿҳәарақәа ракәымкәа, аҭахреи, Евроеидгылеи апартниор тәылақәеи рыҧхықәрақәа рынагӡареи иахьыҧшу зҵаароуп
Агәылареи Евроеидгыла арҭбаареи азҵаарақәа рзы Еврокомиссар Оливер Варҳеи иҳәамҭала, Евроеидгыла арҭбаара – аҿҳәарақәа ракәымкәа, аҭахреи, Евроеидгылеи апартниор тәылақәеи рыҧхықәрақәа рынагӡареи иахьыҧшу зҵаароуп. Варҳеи ари аҳәамҭа ҟаиҵеит испаниатәи ақалақь Толедо имҩаҧысуаз Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа иформалым реиҧылара иалагаанӡа.
Еврокомиссар иазҵааит Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишель уажәааны иҟаиҵаз аҳәамҭа иазкны. Мишель ишиҳәаз ала, Евроеидгыла 2030 шықәса анҵәамҭанӡа алахәыла ҿыцқәа рыдкылара иазыхиазароуп. Евроеидгыла арҭбаара аҿҳәарақәа ирыдҳәаланы ирҭаз азҵаара аҭак аныҟаиҵоз Варҳеи иҳәеит:
«Европатәи Ахеилак Евроеидгыла арҭбааразы ашьаҿа ду ҟарҵар рҭахызар, уи бзиоуп. Ҳәарада, Еврокомиссиа иашьашәалоу аинициатива ацәыргара иазҿлымҳауп. Уи аҿҳәарақәа ирыдҳәалоу зҵаароуп ҳәа сгәы иаанагом. Евроеидгыла арҭбаара – аҿҳәарақәа ракәымкәа, аҭахреи, Евроеидгылеи апартниор тәылақәеи егьырҭ 3 кандидатки рыла аҧхықәрақәа рынагӡареи иахьыҧшу зҵаароуп.
Еврокомиссиа ари ахықәкы анагӡаразы аинициатива ацәыргара иазыхиоуп, уи жьҭааразы иубарҭахоит», — иҳәеит Оливер Варҳеи.
Иара убас, Варҳеи иазҵааит иарбан тәылақәоу Евроеидгыла иаҳа иазааигәоу, зегьы раҧхьа Евроеидгыла иалало ҳәа.
«Зегьы раҧхьа аҳәарақәа зегьы назыгӡо атәылоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Убри аҟынтә, рызынтәгьы ирыбжьазгоит русура дырццакырц. Дара зегьы рымоуп, жьҭааразы зегьы цәырыргап ҳәа сгәыҕуеит. Убри аҟынтә, тәылак мацара акәымкәа, рызынтәгьы абри европатәи ажәалагала иазҿлымҳахап ҳәа сгәыҕуеит», — иҳәеит Оливер Варҳеи.