Оливер Варҳеи Иракли Кобахиӡе аԥыза-министрс ишьақәырӷәӷәара идиныҳәалеит
Оливер Варҳеи Иракли Кобахиӡе аԥыза-министрс ишьақәырӷәӷәара идиныҳәалеит

Агәалартә политикеи арҭбаареи рызҵаарақәа рзы еврокомиссар Оливер Варҳеи Иракли Кобахиӡе аԥыза-министрс ишьақәырӷәӷәара идиныҳәалеит.

Еврокомиссар иҳәамҭаҿ ишану ала, Евроеидгыла акандидат тәыла аҳасабла Қырҭтәыла адгылара нанагӡоит.

„Қырҭтәыла аԥыза-министр ҿыц Иракли Кобахиӡе идысныҳәалоит. 2024 шықәса атәылазы ихадоу шықәсуп, атәылаҿ алхрақәа мҩаԥысуеит.  Акандидат тәыла аҳасабла ареформақәеи аекономикеи рхырхарҭала Қырҭтәыла адгылара наҳагӡоит”, – иҩит Варҳеи.