Оливер Варҳеи – Европатәи акомиссиа Қырҭтәыла акандидат астатус анашьаразы абжьагара ҟанаҵеит
Оливер Варҳеи – Европатәи акомиссиа Қырҭтәыла акандидат астатус анашьаразы абжьагара ҟанаҵеит

Агәылара аполитикеи арҭбаареи азҵаарақәа рзы Еврокомиссар Оливер Варҳеи Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии иареи реиҧылара дахцәажәеит асоциалтә аҳа Twitter аҿы.

Варҳеи ишиҳәаз ала, аиҧылараҿы ирылацәажәеит Еврокомиссиа аҳасабырбеи Евроеидгыла алаларазы Қырҭтәыла иҟанаҵараны иҟоу анеҩстәи ашьаҿақәеи.

«Европатәи акомиссиа Қырҭтәыла акандидат астатус анашьаразы абжьагара ҟанаҵеит. Аҳасабтәқәа рсиа еиқәыршәоуп. Ари ахықәкы анагӡаразы иаашәырҧшыз агәыҕьра анеҩстәи ашьаҿақәа рыҟаҵараҿы иҳацхраауеит», — иҩит иара.