Оливер Варҳеи Оҭар Шамугиа иҟны аиԥылара ашьҭахь асоциалтә каҭаҿы аҳәамҭа ҟаиҵеит - Акандидат тәыла, Қырҭтәыла, Евроеидгыла арҭбаара амҩаҿ апрогресс нанагӡоит, ҳадгыларагьы нагӡахоит
Оливер Варҳеи Оҭар Шамугиа иҟны аиԥылара ашьҭахь асоциалтә каҭаҿы аҳәамҭа ҟаиҵеит - Акандидат тәыла, Қырҭтәыла, Евроеидгыла арҭбаара амҩаҿ апрогресс нанагӡоит, ҳадгыларагьы нагӡахоит

Акандидат тәыла, Қырҭтәыла, Евроеидгыла арҭбаара амҩаҿ апрогресс нанагӡоит, ҳадгыларагьы нагӡахоит, – асоциалтә каҭаҿы иҩит еврокомиссар Оливер Варҳеи Қырҭтәыла Ақыҭанхамҩа аминистр Оҭар Шамугиа иҟны аиԥылара ашьҭахь.

„Акандидат тәыла, Қырҭтәыла, Евроеидгыла арҭбаара амҩаҿ апрогресс нанагӡоит. Аминистр Оҭар Шамугиеи сареи ақырҭанхамҩеи аекономика иаҵәеи рахь ииасра апроцесс ҳахцәажәеит. Еврогеидгыла амҩаҿ ари ихадоу ахырхарҭақәа роуп. Ҳадылара нагӡахоит“, – иҩит Варҳеи.