Оливер Варҳеи - Ҩымз раԥхьа Қырҭтәыла аиуз акандидат статус иахьа аҳырҳага аанагахьеит
Оливер Варҳеи - Ҩымз раԥхьа Қырҭтәыла аиуз акандидат статус иахьа аҳырҳага аанагахьеит

Ҩымз раԥхьа Қырҭтәыла аиуз акандидат статус иахьа аҳырҳага аанагахьеит, – иҳәеит Европатәи агәыларатә политикеи арҭбаареи азҵаарақәа рзы еврокомиссар Оливер Варҳеи иареи адәныҟатәи аусқәеи ашәарҭадара аполитикеи азҵаарақәа рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак, Еврокомиссиа авице-ахада Жозеп Боррели Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡеи  Қырҭтәыла-Евроеидгыла ассоциациатә хеилак 8-тәи аилатәара анеҩс еицымҩаԥыргаз апрессконференциа аҿы.

Варҳеи дырзааҭгылеит Қырҭтәыла-Евроеидгыла ассоциациатә хеилак иахьатәи аилатәараҿ ирыхәаԥшыз азҵаарақәа.

“Сгәаанагарала, ҩымз раԥхьа Қырҭтәыла аиуз акандидат статус иахьа аҳырҳага аанагахьеит. Қырҭтәылеи ақырҭуа жәлари рзы мацара акәым, Евроеидгылазгьы адивидендқәа аанагоит. Жәабжьгарак хара имгакуа рынагҳара ихыркәшахар азы, аусуратә темп ацҵаразы ҳаиқәшаҳаҭхеит“, – иҳәеит Варҳеи.