Олаф Шольц -  Европатәи ахеилак аҿы ҳшеиқәшаҳаҭхаз ала, Қырҭтәыла европатәи аперспектива азааҳартуеит, евроинтеграциа апроцесс аҿы гәахәарыла ҳшәыцхраауеит
Олаф Шольц -  Европатәи ахеилак аҿы ҳшеиқәшаҳаҭхаз ала, Қырҭтәыла европатәи аперспектива азааҳартуеит, евроинтеграциа апроцесс аҿы гәахәарыла ҳшәыцхраауеит

Германтәыла аканцлер  Олаф Шольц  Twitter аҿы Қырҭтәыла аҧыыза-министр Иракли Ҕарибашвилии иареи реиҧылара дахцәажәеит.

Германтәыла аканцлер ишазгәеиҭаз ала, Германтәыла Қырҭтәыла иацхраауеит евроинтеграциа апроцесс аҿы.

«Ҳаҭыр зқәу аҧыза-министр, Берлин бзила шәаабеит!  Сынтәа аҧхынраз Европатәи ахеилак аҿы ҳшеиқәшаҳаҭхаз ала, Қырҭтәыла европатәи аперспектива азааҳартуеит. Қырҭтәылахь ааҧхьара ҟасҵоит зда ҧсыхәа иҟам ареформақәа мҩаҧыргарц. Евроинтеграциа апроцесс аҿы гәахәарыла ҳшәыцхраауеит», — иҩит   Олаф Шольц.