Ниу-Иорк аҵәиԥрыга акаҳара иахҟьаны иҭахеит Siemens адиректор хадеи иҭаацәара алахәылацәеи
Ниу-Иорк аҵәиԥрыга акаҳара иахҟьаны иҭахеит Siemens адиректор хадеи иҭаацәара алахәылацәеи

Ниу-Иорк аҵәиԥрыга акаҳара иахҟьаны иҭахеит Алада-Мраҭашәаратәи Европеи Испаниеи рҿы Siemens адиректор хада Агустин Ескобари иԥҳәыси, хҩык рыхшареи. Авиамашәыр аҿы дҭахеит аҵәиԥрыга аԥырҩы.

Ниу-Иорктәи аполициа аинформациа ала, амашәыр ҟалеит аҭыԥантәи аамҭала асааҭ 15:15 рзы Џьерси-Сити ааигәара, аҵәиԥрыга Гудзон иҭаҳаит.

Ниу-Иорктәи аполициа адепартамент аҟынтә ишаарыцҳаз ала, ашьаусԥшаара хацыркуп.

ЕАШ ахада Дональд Трамп ари ахҭыс ақәҿиҭит.

“Аҵәиԥрыга аӡиас Гудзон аҿы амашәыр иақәшәеит. Фҩык  – аԥырҩи, ҩыџьа аиҳабацәеи, хҩык ахәыҷқәеи рдунеи рыԥсахит. Авиамашәыр зныԥшуа акадрқәа угәы ԥыржәоит. Шәыԥсаҭа лашахааит”, – иҩит Дональд Трамп асоциалтә ҳаҿы.