Нед Праис – НАТО иаарту ашәқәа аполитика иаанагоит ашәқәа аартуп ҳәа, уи ҳара ҳзы аҵакы ду амоуп, ари азҵаара ҳаиҭахәаҧшуам
Нед Праис – НАТО иаарту ашәқәа аполитика иаанагоит ашәқәа аартуп ҳәа, уи ҳара ҳзы аҵакы ду амоуп, ари азҵаара ҳаиҭахәаҧшуам

«НАТО иаарту ашәқәа аполитика иаанагоит ашәқәа аартуп ҳәа, уи ҳара ҳзы аҵакы ду амоуп, ари азҵаара ҳаиҭахәаҧшуам», — иҳәеит Америка Аҳәынҭқарратә департамент аофициалтә хаҭарнак абрифинг аҿы.

Ажурналистцәа иара иазҵааит Урыстәыла аҭынчратә ажәалагала азыҟаҵаразы НАТО, Украинеи Қырҭтәылеи рхарџьла,  аҽырҭбааразы мап акәама ҳәа. Аҳәынҭқарратә департамент ахаҭарнак ишиҳәаз ала, Урыстәыла, Вашингтон ажәалагалазы аҭак ҟамҵакәа аибашьра иалагеит.

«Арҭ азҵаарақәа еиҧшым. Владимир Путин аибашьра алагаразы аӡбара идикылаанӡа, ҳара аргама ааҳацҳаит зҵаарақәак рылацәажәара ҳшазыхиоу, атрансатлантикатә қәыҧшылара ашәарҭадара иацхрааша аконкреттә шьаҿақәа ҟаҵан.  Ҳәарада, Урыстәыла уи азы мап ркит. НАТО иадҳәаланы иазгәасҭар сҭахуп,  НАТО иаарту ашәқәа аполитика иаанагоит ашәқәа аартуп ҳәа, уи ҳара ҳзы аҵакы ду амоуп, ари азҵаара ҳаиҭахәаҧшуам», — иҳәеит  Праис.