НАТО-Қырҭтәылатәи аҵара-ахәшьараҭаратә центр аҿы анаҧшцәа-ахылаҧшцәа жәларбжьаратәи акурс хыркәшоуп
НАТО-Қырҭтәылатәи аҵара-ахәшьараҭаратә центр аҿы анаҧшцәа-ахылаҧшцәа жәларбжьаратәи акурс хыркәшоуп

НАТО-Қырҭтәылатәи аҵара-ахәшьараҭаратә центр (JTEC) аҿы анаҧшцәа-ахылаҧшцәа жәларбжьаратәи акурс (IOCT)  хыркәшоуп.

Атәылахьчара аминистрра адыррала, 5 тәылак рҟынтә 14ҩык ахаҭарнакцәа рылахәызаарала имҩаҧгаз акурс 2 етапк рыла имҩаҧган. Атеориатә курс аан уи алахәылацәа анаҧшцәа-ахылаҧшцәа рыҧхықәрақәеи, аоперативтә ҭагылазаашьаҿы иҟалар зылшо аиҭакрақәеи, ахҭысқәа ранализ аметодқәеи ҭырҵааит.

Апрактикатә хәҭа Норио абаҿ имҩаҧган. 5мштәи азыҟаҵарақәа мҩаҧыргеит литватәи аофицарцәеи ақырҭуа инструкторцәеи.

НАТО-Қырҭтәылатәи аҵара-ахәшьараҭаратә центр  анапхгаҩы аполковник Давиҭ Гагуа аҧышәара иахысыз арратә маҵзуҩцәа қәҿиарала азыҟаҵарақәа рахысра рыдныҳәаланы, ақәҿиарақәа рзеиҕьеишьеит.  JTEC аҿы имҩаҧгаз ауснагӡатә алахәылацәа асертификатқәа роуит.