"НАТО-Қырҭтәыла - азыҟаҵарақәа 2025" рҳәаақәа ирҭагӡаны, актәи абригада амедицинатә гәыԥ арбаратә зыҟаҵарақәа рзымҩаԥган
“НАТО-Қырҭтәыла – азыҟаҵарақәа 2025” рҳәаақәа ирҭагӡаны, Вазиани арратә базаҿ актәи абригада амедицинатә гәыԥ арбаратә зыҟаҵарақәа рзымҩаԥган.
Азыҟаҵаратә центр аинформациала, ахәрақәа зауз аруаа аамҭалатәи аррахәышәтәырҭахь (ROLE2F) ииаган атранчпорт ҷыдала – “Дидгори медевак” ала, раԥхьаӡатәи ахирургиатә цхыраара рзаарԥшын, уи ашьҭахь ахәшәтәырҭахь инаган.
Атәылахьчара аминистрра аинформациала, адәытә зыҟаҵарақәа хықәкыс ирымоуп амедицинатә персонал рԥышәа аиӷьтәра.