НАТО Арратә комитет ахантәаҩы  - Апроблемақәа шыҟазгьы, Қырҭтәыла крызҵакуа ареформақәа мҩаҧган  
НАТО Арратә комитет ахантәаҩы  - Апроблемақәа шыҟазгьы, Қырҭтәыла крызҵакуа ареформақәа мҩаҧган  

Апроблемақәа шыҟазгьы, Қырҭтәыла крызҵакуа ареформақәа мҩаҧган, —  иҳәеит НАТО Арратә комитет ахантәаҩы, адмирал Роб Бауер Бриуссель  НАТО атәылақәа ртәылахьчаратә министрцәа реиҧылара ашьҭахь имҩаҧгаз апрессконференциаҿы.

Онлаин-арежим аҿы имҩаҧгаз аиҧылараан Алианс алахәылацәа ақырҭуеи украинатәи рколлегацәа ирацәажәан, Қырҭтәылеи Украинеи имҩаҧысуа ареформақәеи арҭ атәылақәа ршәарҭадара аганахьала иҟоу аҭагылазаашьеи иазааҭгылеит.

«Апроблемақәа шыҟазгьы, Қырҭтәыла крызҵакәа ареформақәа мҩаҧган, НАТО -Қырҭтәылатәи апакет наӡа абзоурала, атәыла ахыхьчаралшара аизырҳара рылшеит.  Украинеи Қырҭтәылеи НАТО апартниорцәа роуп, ҳара аҩ-тәылак ҕәҕәала ҳрыдгылоит. Ахыхьчареи Европа ашәарҭадара ацхраареи рылшаратәы амеханизмқәа зегьы рзеиқәҳаршәар ҳҭахуп.  Ҳара даҽазнык ишьақәҳарҕәҕәеит НАТО Қырҭтәылеи Украинеи рҵакырадгьылтә акзаара ишадгыло», — иҳәеит адмирал.