НАТО Арратә комитет, Қырҭтәылаҟны аусеицура аформатаҿ,  Арратә комитет апленартә аилатәара мҩаҧнагеит
НАТО Арратә комитет, Қырҭтәылаҟны аусеицура аформатаҿ,  Арратә комитет апленартә аилатәара мҩаҧнагеит

Қырҭтәыла авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, НАТО Арратә комитет, Қырҭтәылаҟны аусеицура аформатаҿ,  Арратә комитет апленартә аилатәара мҩаҧнагеит.

Аилатәара алахәылацәа рҿаҧхьа асаламтә жәала дықәгылеит Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡе. Иара убас, аилатәараҿы иқәгылеит Арратә комитет ахантәаҩы, адмирал Роб Бауери Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа рнапхгаҩы, аинрал-маиор Гьаргь Маҭиашвилии.

«Аилатәараҿы НАТО Арратә комитет алахәылацәа арегионаҿ ашәарҭадара аҭагылазаашьеи атәыла аҿаҧхьа иқәгылоу аҳасабтәқәеи ирызкны инарҭбаау аинформациа роуит. Аганқәа еицымҩаҧыргаз аилатәараҿы Қырҭтәылеи Алианси русеицура ахадаратә хырхарҭақәа ирзааҭгылеит.

Ақырҭуа аган НАТО Арратә комитет алахәылацәа ирызцәырыргеит Қырҭтәыла ахыхьчара атрансформациа иазку ирҿыцу аинформациа», — иануп адырраҿы.

Аиҧылара ашьҭахь  НАТО Арратә комитет ахантәаҩы Роб Бауери Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа рнапхгаҩы Гьаргь Маҭиашвилии аҳәамҭақәа еицыҟарҵеит.