Аҧыза-министр НАТО арратә комитет ахантәаҩы диҧылеит
Аҧыза-министр НАТО арратә комитет ахантәаҩы диҧылеит

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили НАТО арратә комитет ахантәаҩы, аҳаиртә мчқәа афельдмаршал Стиуарт Фич диҧылеит.

Аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз аиҧылараҿы иалацәажәеит Қырҭтәылеи НАТОи русеицуреи евроатлантикатә интеграциа апроцесс аҿы атәыла иҟанаҵаз ашьаҿақәеи. Ишазгәаҭаз ала, COVID-19 апандемиа шыҟоугьы, 2021 шықәсазы аганқәа рыбжьара аусеицура иаҳа ирҕәҕәатәуп.

Аганқәа рхаҭарнакцәа НАТО-Қырҭтәылатәи ирҿыцу апакетгьы иазааҭгылеит, уи абзоурала, Қырҭтәыла алшара ҿыцқәа азцәырҵит аҩадаатлантикатә алианс аҟны аизыҟазаашьақәа рырҕәҕәара аганахьла.

Хшыҩзышьҭра ҷыда азун азеиҧш евроатлантикатә шәарҭадара аиқәыршәара аус аҿы Амшын еиқәа ашәарҭадара аҵакы, ишазгәаҭаз ала, абри ахырхарҭала Қырҭтәылеи НАТОи русеицура аҵакы ду амоуп.

Иара убас, Аҧыза-министри НАТО арратә комитет ахантәаҩи, азеиҧш евроатлантикатә шәарҭадара ахьчараҿы Қырҭтәыла иананагӡо ароли Афганистан амиссиа етапла ахыркәшара иазку  аӡбареи иалацәажәеит. Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала,  НАТО аҟны иззеиқәшаҳаҭхаз аграфик инақәыршәаны, астратегиатә партниор – Америкаҟны еиқәшаҳаҭны, ақырҭуа арратә хәҭақәа Афганистан иалҵуеит. Иракли Ҕарибашвили даҽазнык иаҵшьны иазгәеиҭеит жәларбжьаратәи аиҩызара иалахәы атәыла ҳасабала, Қырҭтәылазы аҵакы ду шамоу  Афганистан хаангьы атеррористцәа рхыҵакырҭаны иҟамларц. Ақырҭуа аҳәынҭқарра абри ахықәкы анагӡараҿы иҟанаҵаз алагала иалаҽхәаратәы иҟоуп.