Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла иҟоу Ҭырқәтәыла ацҳаражәҳәаҩ  дылҧылеит
Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла иҟоу Ҭырқәтәыла ацҳаражәҳәаҩ  дылҧылеит

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла иҟоу Ҭырқәтәыла ацҳаражәҳәаҩ Фатма Џьерен Иазган дылҧылеит. 

Аганқәа рхаҭарнакцәа ҩ-тәылак рстратегиатә партниорреи ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рҿы адинамика бзиеи иалацәажәеит. 

Аиҧылараан ахадара змаз азҵаарақәа иреиун ҭырқәтәылатәи аџьармыкьа аартреи зхаҭабзиара ҳараку,  GMP астандартқәа ирышьашәалоу ахәшәқәа раагареи,  уи абзоурала,  Қырҭтәыла ахәшәқәа рыхәқәа кырӡа имариахоит. 

Ишазгәаҭаз ала, уажәазы иҟоу арегионалтә проектқәа рылагьы иубарҭоуп Ҭырқәтәылеи Қырҭтәылеи рстратегиатә усеицуреи, иҭышәынтәалоу аҿиареи, апартниорреи қәҿиарала ишымҩаҧысуа, абри зегьы аҩ-тәылак иаҳа аекономикатә хьыҧшымреи, ашәарҭадареи, аҭышәынтәалареи рзаанагоит. Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, агәылара иҟоу атәылақәа рҟны арегионалтә усеицура – ашәарҭадареи, аҭышәынтәалареи, аҿиареи ахылҵуеит. 

Аганқәа рхаҭарнакцәа ишырҳәаз ала,  аусеицура иаҳа арҭбаара иазыхиоуп, аполитикатәи аекономикатәи хырхарҭақәа рылагьы.  

Аиҧылараан хшыҩзышьҭра азун зыҩаӡара ҳараку астратегиатә усеицура ахеилак анеҩстәи аилатәара. Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа,  Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи рыбжьара зхы иақәиҭу ахәаахәҭратә қәыҧшылара иазку аиқәшаҳаҭра анагӡаразы имҩаҧгатәу ауснагӡатәқәагьы ирзааҭгылеит. 

Ишазгәаҭаз ала, аглобалтә пандемиа аҿагыларазы азеиҧш ҽазышәара аҵакы ду амоуп, Дара ишырҳәаз ала, Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи ҳаҧхьаҟагьы апандемиа аҿагыларазы аус еицыруеит. 

Иракли Ҕарибашвили аҭырқәа аган ҭабуп ҳәа реиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгыларазы. Аиҳабыра рнапхгаҩы иаҵшьны иазгәеиҭеит Ҭырқәтәыла ацҳаражәҳәаҩ алагала ду шыҟалҵо атәылақәа рыбжьара ҩ-ганктәи еизыҟазаашьақәа рырҭбаара аус аҿы.