Зураб Азарашвили Ҭырқәтәыла ацҳаражәҳәаҩ дылҧылеит

Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аминистр Зураб Азарашвили Қырҭтәыла иҟоу Ҭырқәтәыла ацҳаражәҳәаҩ  Фатма Џьерен Иазган дылҧылеит.

Агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа рыла, аганқәа рхаҭарнакцәа аусеицура азҵаарақәеи наҟ-наҟтәи апланқәеи ирылацәажәеит.

Аиҧылара алахәылацәа Қырҭтәылаҟа зхаҭабзиара ҳараку ахәшәқәа раагареи акоронавирус ахылаҧшра амеханизмқәеи ирзааҭгылеит.

Зураб Азарашвили Ҭырқәтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҭабуп ҳәа леиҳәеит агәабзиарахьчара аусхкы аҿы апроектқәа рынагӡара ацхрааразы.