Ллоид Остин – Сара еилыкка иазгәасҭар сҭахуп Америка Урыстәыла ала Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа рымпыҵахалареи еиуеиҧшым амеханизмқәа рыла Амшын еиқәа аҿы анырра аиура аҽазкреи  ишақәыӡбо
Ллоид Остин – Сара еилыкка иазгәасҭар сҭахуп Америка Урыстәыла ала Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа рымпыҵахалареи еиуеиҧшым амеханизмқәа рыла Амшын еиқәа аҿы анырра аиура аҽазкреи  ишақәыӡбо

Америка атәылахьчара аминистр Қырҭтәыла аҧыза-министр даниҧылоз,  адкылара бзиа азыҳәан ҭабуп ҳәа иаҳәаны,  иаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәыла ивизит Америкеи Қырҭтәылеи рпартниорра ҕәҕәа шаанарҧшуа.

«Ҳаҭыр зқәу аҧыза-министр, сара зҵаарак еилыкка иазгәасҭар сҭахуп,   Америка Урыстәыла ала Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа рымпыҵахалареи еиуеиҧшым амеханизмқәа рыла Амшын еиқәа аҿы анырра аиура аҽазкреи  иақәыӡбоит.  Шәрегион аҵакы ду амоуп, шәрегион  ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи аҵакы ду амоуп иаку, зхы иақәиҭу, аҭынчратә уаажәларра аҟазаара иазку  иаҳзеиҧшу ахықәкы анагӡаразы.

Убри аҟынтә, даҽазнык ҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Америка астратегиатә партниорра ахьчара аидеиа иазгәыкуп. Қырҭтәыла сахьыҟоу  сеигәырҕьоит», — иҳәеит  Ллоид Остин.

Аиҧылараан хшыҩзышьҭра азун арегион аҿы аҭагылазаашьеи Урыстәыла агрессиатә хымҩаҧгашьеи. Америка атәылахьчара аминистрра даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Америка Қырҭтәыла ахьыҧшымреи жәларбжьаратәи азхаҵара змоу аҳәаақәа ирҭагӡаны аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло.

Иара убас, аиҧылараҿы, ахәшьара бзиа роуит европатәи евроатлантикатәи интеграциа апроцесс аҿы Қырҭтәыла ақәҿиарақәа. Аиҿцәажәарақәа раан аганқәа рхаҭарнакцәа ҷыдала иазааҭгылеит хара имгакәа имҩаҧысраны иҟоу НАТО асаммит, ари аганахьала ҷыдала иазгәаҭан НАТО алахәылацәа реиқәшаҳаҭхаразы ари апроцесс аҿы  Америка алахәызаара иамоу аҵакы ду.