Иракли Ҕарибашвили Азербаиџьан апрокурор хада диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили Азербаиџьан апрокурор хада диҧылеит

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Азербаиџьан Апрокурор хада  Киамран Алиев диҧылеит.

Аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз аиҧылара аан аганқәа рхаҭарнакцәа Азербаиџьани Қырҭтәылеи  реигәыларатә еизыҟазаашьақәеи еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы қәҿиарала русеицуреи иалацәажәеит. Иаҵшьны иазгәаҭан атәылақәа рстратегиатә партниорра аҵакы.

Аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра рызун ашәарҭадара аганахьала арегион аҿы иҟоу апроблемақәа. Абри азҵаара иадҳәаланы ҷыдала иазгәаҭан атәылақәа иашьашәалоу русбарҭақәа русеицура аҵакы.

Аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз аиҧылара рхы аладырхәит Қырҭтәыла апрокурор хада  Иракли Шоҭаӡеи Қырҭтәыла иҟоу Азербаиџьан ацҳаражәҳәаҩ Фаиг Гулиеви.