Наҭиа Турнава лцынхәрас аекономика аминистрс дҟарҵеит Леван Давиҭашвили
Наҭиа Турнава лцынхәрас аекономика аминистрс дҟарҵеит Леван Давиҭашвили

Наҭиа  Турнава Қырҭтәыла аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр иҭыҧ аҿы лнапынҵақәа шьҭалҵеит.   Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили ари атәы ааицҳаит аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы аекономика аминистрс дҟаиҵеит Леван Давиҭашвили.

Уаанӡа Леван Давиҭашвили  аҧсабаратә лагылазаареи ақыҭахамҩеи рзы аминистрс дыҟан, иара авице-аҧызас даанхоит.

Иракли Ҕарибашвили Наҭиа Турнава имҩаҧылгаз аусуразы ҭабуп ҳәа лаҳәаны, ишиҳәаз ала, лара анапхгаратә гәыҧ аҿы даанхоит.