Москва аԥырҩы дызҭам аппаратқәа ржәылараан ахәрақәа роуит ҩыџьа атәылауаа. Москватәи аобласт агубернатор Андреи Воробиов ишааицҳаз, дрон аԥҽыхақәа аҩны ақәҳан, ҩыџьа атәылауаа ахәрақәа роуит. Урҭ рҟынтә аӡәы ахәышәтәырҭахь днагоуп.
Аҭыԥ аҿы аус руеит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзура аусуҩцәа.
Дронқәа ржәылараан Урыстәыла аҳҭнықалақь аҳаирбаӷәазақәа русура аанкылан. 50 рҟынӡа ареисқәа егьырҭ аҳаирбаӷәазақәа рахь иаган.