Москва ахада ишааицҳаз, Урыстәыла аҳҭнықалақь аганахьала аԥырҩы дызмам аппаратқәа рыла ажәылара мҩаԥыргеит
Урыстәыла аҳҭнықалақь аганахьала аԥырҩы дызмам аппаратқәа рыла ажәылара мҩаԥыргеит, – ааицҳаит Москва ахада.
Собианин иажәақәа рыла, ажәылара мосткватәи аамҭала асааҭ 04:00 рзы мҩаԥган. Москва ахада ишааицҳаз, ажәылараан хыбрак ааха амоуит
Урыстәыла аҳәынҭйарратә аинформациатә агентрақәа рдыррақәа рыла, дрон аԥҽыхақәа аминистрра ахыбра 2 км иацәыхараны ԥшаан.
Ацхыраара лас амаҵзура аинформациа ала, дронк карыжьит Комсомольск амҩаду аҿы, аҩбатәи – Лихачев имҩаду аҿы.
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аинформациа ала, аԥырҩы дызмам аппаратқәа рыла иқәҿиарадаз ажәыларақәа мҩаԥган. Аусҳәарҭа ари “атерористтә жәылара” ауп ҳәа аанацҳаит.
Киев аҳаҭарнкацәа арҭ афактқәа ирызкны аҳәамҭа макьана ҟарымҵаӡацт.