Урыстәыла ахада Владимир Путин Молдова анеира зин имырхит, – ааицҳаит Молдова аԥыза-министр Дорин Речан.
Речан иажәақәа рыла, ишьақәгылоуп Молдова анеира зин змам Урыстәыла атәылауаа рсиа.
“Хара имгакәа асиа иҭбаахоит, аха иахьа иҳамоуп иашьашәалоу амеханизм. Аофициалтә хаҿқәа асиа иалалоит Молдова анеира анақәыркәа ашьҭахь”, – иҳәеит Речан.
Молдова аԥыза-министр аинтервиу аҿы ишазгәеиҭаз ала, Молдова анеира зин рымырхуеит “аибашьра апропаганда” иадгыло ахаҿқәа зегьы.