Михеил Сарџьвелаӡе - Агепатит C аелиминациа апрограмма уаанӡа ишыҟаз еиԥш, имԥсахкәа нагӡоит
Агепатит C аелиминациа аҳәынҭқарратә программа уаанӡа ишыҟаз еиԥш, имԥсахкәа нагӡоит, – иҳәеит Қырҭтәылa Импыҵaхaлоу aтерриториaқәa рҟынтә ихҵәоу aуaaҧсыреи, aџьеи, aгәaбзиaреи, aсоциaлтә хьчaреи рминистр Михеил Сарџьвелаӡе Агепатит C аелиминациа апрограмма ахыркәшара иазкны аларҵәара зауз адырра иаҭакны.
Михеил Сарџьвелаӡе иҟаиҵаз аҳәамҭала, апрограмма уаанӡа ишыҟаз еиԥш, имԥсахкәа нагӡоит, апрограмма аанкылара иазку адыррақәа имцуп.
„Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы асоциалтә ҳақәа рҿы иқақӷәыдоу аинформациа ларҵәахоит. Уи агәабзиарахьчаратә программақәа ирызкны ауааԥсыра рыбжьара апаника аларҵәара ауп хықәкыс иамоу.
Ҷыдала сазааҭгылар сҭахуп Агепатит C аелиминациа апрограмма. Агепатит C аелиминациа аҳәынҭқарратә программа уаанӡа ишыҟаз еиԥш, имԥсахкәа нагӡоит. Уи аанкылара ма армаҷра апланқәа ирылам”, – иҳәеит аминистр.