Михаил Ҟавелашвили Вазиани иҟоу Қырҭтәыла атәылахьчаратә мчқәа мрагыларатәи аԥызара иатәу 4-тәи ашьаҟатәии 5-тәии артиллериатәи абригадақәа дырҭааит
Михаил Ҟавелашвили Вазиани иҟоу Қырҭтәыла атәылахьчаратә мчқәа мрагыларатәи аԥызара иатәу 4-тәи ашьаҟатәии 5-тәии артиллериатәи абригадақәа дырҭааит

Қырҭтәыла Ахада Михаил Ҟавелашвили Вазиани иҟоу Қырҭтәыла атәылахьчаратә мчқәа мрагыларатәи аԥызара иатәу 4-тәи ашьаҟатәии 5-тәии артиллериатәи абригадақәа дырҭааит.

Аҳәынҭқарра ахада арратә усзуҩцәа дырԥылан, урҭ рҭагылазаашьақәеи абаза аҿы иҟоу аҭагылазаашьеи гәеиҭеит.

Ахада дырԥылеит Қырҭтәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Атәылахьчара аминистр Иракли Чиқовании, атәылахьчаратә мчқәа ркомандаҟаҵаҩ аинрал-маиор Гбаргь Маҭиашвили, егьырҭ атәылахьчаратә мчқәа рнапхгаҩцәа.

Михаил Ҟавелашвили Вазианитәи арратә база аҿы инагӡоуи инагӡараны иҟоуи апроектқәа ирызкны инарҭбаау адыррақәа иоуит.