Михаил Ҟавелашвили Римтәи Папа иҧсыжра ацеремониа аҽалархәразы Римҟа ддәықәлеит
Михаил Ҟавелашвили Римтәи Папа иҧсыжра ацеремониа аҽалархәразы Римҟа ддәықәлеит

Михаил Ҟавелашвили Римтәи Папа иҧсыжра ацеремониа аҽалархәразы Римҟа ддәықәлеит. Қырҭтәыла ахада аделегациа ицуп. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла ахада иадминистрациа.

Адырра ишану ала,  Михаил Ҟавелашвили иҧылара ацеремониа мҩаҧган арратә аеродром  Чампино аҿы.

Қырҭтәыла ахада ицу аделегациа иалоуп Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвилии, атәыла ахада иадминситрациа аиҳабы Қеҭеван Квиникаӡеи, Қырҭтәыла Апатриархиа Адәныҟатәи аимадарақәа рзы адепартамент ахантәаҩы,  амитрополит Герасими,  Қарҭтәи адоуҳатә академиеи асеминариеи аректор Гьаргь Звиадаӡеи.