Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили, иофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Ереван, Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниан диҧылеит.
Ишиашо аформатаҿ имҩаҧгаз аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи русеицуреи, аигәыларатә еизыҟазаашьақәеи, еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла атәылақәа рпартниорреи иалацәажәеит. Иара убас, арегионаҿ иҟоу апроблемақәеи Аахыҵ Кавказаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи аҵаки иазааҭгылеит.
Михаил Ҟавелашвили ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла Азербаиџьани Шәамахьтәылеи рыбжьара аҭынчратә аиқәшаҳаҭра иазку аиҿцәажәарақәа рхыркәшара иазыразуп, уи Аахыҵ Кавказ арегионаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи ашьақәыргыларазы аҭоурыхтә ҵакы змоу шьаҿоуп.
Қырҭтәыла ахада даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Қырҭтәыла арегионалтә диалоги аусеицуреи ацхраара ишазыхиоу.