Михаил Ҟавелашвили ишааицҳаз ала, уаҵәы иара Римтәи Папа Лео XIV диҧылоит
Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили ишааицҳаз ала, уаҵәы иара Римтәи Папа Лео XIV диҧылоит.
Михаил Ҟавелашвили ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Римтәи Папа ҿыц Лео XIV иинаугурациа ацеремониа ашьҭахь.
«Иахьа Ватикан, Пиотр ацқьа иашҭаҿы, Римтәи Папа ҿыц Лео XIV иинаугурациа ацеремониа аҽалархәреи, анеҩс, хаҭала идныҳәалареи алшара сыман. Уаҵәы сиҧылоит. Қырҭтәылеи Ватикани реизыҟазаашьақәа ҳара ҳзы аҵакы ду рымоуп. Ҧасатәи Папеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа даараӡа ибзиан, Папа ҿыц иҟны ҳаизыҟазаашьақәа рырҭбаара ҳалшап ҳәа сгәыҕуеит», — иҳәеит Михаил Ҟавелашвили.