Михаил Ҟавелашвили – Иҳадаҳкыло аӡбарақәа зегьы Қырҭтәыла аинтересқәа рымҩаҧгара иазкуп, ақырҭуа жәлар мчқәак ринтересқәа рзы ԥсаҭатәыс рыҟаҵара  алҳаршом
Михаил Ҟавелашвили – Иҳадаҳкыло аӡбарақәа зегьы Қырҭтәыла аинтересқәа рымҩаҧгара иазкуп, ақырҭуа жәлар мчқәак ринтересқәа рзы ԥсаҭатәыс рыҟаҵара  алҳаршом

«Иахьатәи амш ақырҭуа жәлар ракзаареи, абзиабареи, ахақәиҭра азықәҧареи иасимволуп. Ахьыҧшымра акт  — аконституциатә ҟазшьа змоу раҧхьатәи ақырҭуа документуп, уаҟа иаҵшьны иазгәаҭоуп ақырҭуа жәлар дара рхала рҧеиҧш аҳәаақәҵара азин шрымоу», — иҳәеит Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили лаҵара 26  иазкыз аусмҩаҧгатә аҿы данықәгылоз.

«Ҳтәыла еснагь иақәмақаруеит, наҟ-наҟгьы убасҵәҟьа инагӡахоит, аха, абри зегьы иахәҭоу ақәҿыҭра аҭатәуп. Ҳазынтәгьы цқьа еилаҳкаароуп аҳәаанырцәынтә аӡәы дааины, ҳпроблемақәа иӡбоит, ҳаиқәирхоит, ҳара иҟаҳҵаша иара иҟаиҵоит ҳәа агәыҕра шаҭахым. Ҳара ҳаасҭа иаҳа еиҕьны аӡәгьы издырӡом ҳтәылеи ҳажәлари ирҭаху», — иҳәеит Михаил Ҟавелашвили.

Ҟавелашвили иаҵшьны иазгәеиҭеит аҧсуааи ауаҧсааи ҳашьцәа рыда иаку Қырҭтәыла ҕәҕәа шыҟамло.

«Ҳара хымҧада аиааира ҳгоит, иаку Қырҭтәыла аидеиа хымҧада инаҳагӡоит. Агәра ганы сыҟоуп Қырҭтәыла иаку, ишәҭыкакаҷу ҳәынҭқарра ҕәҕәас ишыҟало. Иныҳәазааит иаку, ишәҭыкакаҷу Қырҭтәыла ҕәҕәа. Ҳареи ҳаҧсадгьыли Анцәа ихьчааит», — иҳәеит  Михаил Ҟавелашвили.