Милан Қырҭтәыла аконсулра хада аартуп
Милан Қырҭтәыла аконсулра хада аартуп

Милан ақалақь аҿы Қырҭтәыла аконсулра хада аартуп.

Висконти ихан аҿы Қырҭтәыла Аконсулра Хада официалла аартреи Ахьыԥшымра Амш азгәаҭареи инамаданы ацеремониатә усмҩаԥгатә мҩаԥган.

Аусмҩаԥгатә аҿы Қырҭтәылеи Италиеи рҳәынҭқарратә гимнқәа нарыгӡеит.

Асасцәа рҿаԥхьа дықәгылеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе. Аиҳабыра рнапзгаҩы дазааҭгылеит ақырҭуа ажәлари италиатәи ажәлари реизыҟазаашьа ҷыдақәа рҵакы. Аҧыза-министр иҳәамҭала, атәыла амилаҭтә интересқәа рыхьчара апроцессаҿ аҩызцәа рҟны аиҩызаратә аимадареи апартниорреи аҵакы ду амоуп. Иара ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәылеи Италиеи реизыҟазаашьақәа ирылаҽхәыр рылшоит, дара ирзеиҧшу апринципқәа рыла еидҳәалоуп.

“Ҳҭоурых ҳахәаҧшыр, Қырҭтәыла еснагь аимпериақәа рымҩеихысырҭаҿы иҟан; абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы ахьыҧшымра ахьчара даараӡа иаҳцәыуадаҩын, аха, ақырҭуа жәлар изныкымкәа аадырҧшит риааира шыҟамло, убри абзоуралоуп ҳҭоурых шыуадаҩызгьы, ҳхьыҧшымреи ҳҷыдаҟазшьареи рыхьчара шҳалшаз”, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Милан, Қырҭтәыла Аконсулра хада аофициалла аартра инамаданы имҩаҧгаз аныҳәатә усмҩаҧгатә аҿы данықәгылоз.