Матеуш Моравецки -Нато мрагыларатә афланг адестабилизациазы «Вагнер» аибашьцәа Беларус ахь ишьҭын
Матеуш Моравецки -Нато мрагыларатә афланг адестабилизациазы «Вагнер» аибашьцәа Беларус ахь ишьҭын

Польша аԥыза-министр Матеуш Моравецки иажәақәа рыла, Нато мрагыларатә афланг адестабилизациазы «Вагнер» аибашьцәа Беларус ахь ишьҭын Моравецки ишазгәеиҭаз, Польшеи Литвеи ргәаанагарала, Беларус иҟоуп апровокациақәа рзы ихиоу 4000-ҩык рҟынӡа «Вагнер» аибашьцәа.

«Апровокациақәа рхыԥхьаӡара азҳара ҳазыхиазароуп», – иҳәеит Польша аԥыза-министр Литва ахада Гитанас Науседа даниԥылоз.