ЕАШ китаитәи астудентцәа рвизақәа аԥнахуеит, – иҳәеит ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Марко Рубио.
Рубио ишааицҳаз ала, Дональд Трамп иадминистрациа китаитәи астудентцәа рвизақәа раԥыхра апроцедура алагоит, урҭ иреиуп Китаи акомпарнтаҟны аимадара хмоу ахаҿқәа.
„Дональд Трамп иадминистрациа китаитәи астудентцәа рвизақәа раԥыхра апроцедура алагоит, урҭ иреиуп Китаи акомпарнтаҟны аимадара хмоу ахаҿқәеи акритикатә хырарҭақәа рыла аҵара зҵо ахаҿқәеи“, – иҳәеит Рубио.