Марк Рутте - Лиетува иҟалаз аинцидентаан ԥшьҩык америкатәи аруаа ҭахеит
Лиетува ԥшьҩык америкатәи аруаа ҭахеит. НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Марк Рутте ари афакт ишьақәирӷәӷәеит.
“Лиетува иҟалаз аинцидентаан ԥшьҩык америкатәи аруаа ҭахеит. Макьана арҭ адыррақәа ҳамоуп, адетальқәа макьана ҳаздырӡом, аха ари угәы ԥызжәаша жәабжьуп”, – иҳәеит Рутте.
Reuters аинформациа ала, Лиетува аруаа рҭахара шьақәнарӷәӷәом.
Иацы, хәажәкыра 26 рзы акәалӡмашьына M88 Hercules иӡааҟәрылеит. Аруаа арратә азыҟаҵарақәа ирылахәын.