Мариупольтәи адраматә театр абомбақәа алажьра амшала  300ҩык ҭахеит
Мариупольтәи адраматә театр абомбақәа алажьра амшала  300ҩык ҭахеит

Мариупольтәи адраматә театр абомбақәа алажьра амшала  300ҩык ҭахеит. Ари атәы аарыцҳаит Мариуполь ақалақь ахадара.

Хәажәкыра 16 рзы урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа атеатр иажәылеит. Ахыбраҿ 1500ҩык рҽырҵәахуан.

Ажәыларақәа рымшала,  мышқәак рыҩнуҵҟала  аҧшаара-аиқәырхаратә усурақәа рымҩаҧгаразы алшара иҟамызт.

Мариуполь ахада Вадима Боиченко иҳәамҭала, ақалақь аҿы агуманитартә ҭагылазаашьа иаҳа-иаҳа еицәахоит.  100 000ҩык раҟара уажәгьы ақалақьаҿ иҟоуп, ауаа аевакуациа иазыҧшуп.