Марина Калиуранд ишаалыцҳаз ала, Европарламент аделегациа Қарҭ ԥхынгәы азы иаҭаауеит
Марина Калиуранд ишаалыцҳаз ала, Европарламент аделегациа Қарҭ ԥхынгәы азы иаҭаауеит

Евродепутат Марина Калиуранд ишаалыцҳаз ала, Европарламент аделегациа Қарҭ  иаҭаауеит.

Калиуранд “Ассоциациа змоу трио” иало атәылақәа рыдәныҟатәи усқәа рминистрцәа рҟны аиԥылара ашьҭахь иҟалҵаз аҳәамҭала, авизит ԥхынгәы азы мҩаԥгахоит.

“Аиԥылара бзиа ҳаман.  Евроеидгыла аинтерес ду аанарԥшуеит. Ари аформат аҿы раԥхьаӡатәи аиԥылара мҩаԥаагеит, аиԥыларақәа нагӡахоит ҳәа сгәыӷуеит. Европарламент аделегациа Қырҭтәыла визитла дәықәлоит. Ишыздыруа ала, ари Жан-Мрне иформат аҳәаақәа ирҭагӡаны мҩаԥгахоит, адетальқәа ԥыҭраамҭак ашьҭахь еилкаахоит,” – илҳәеит евродепутат.