Мaмукa Бaхтaӡе – Ҳара иаҳҭаауа асасцәа зегьы иаразнак игәарҭоит ақырҭуа культура ахатә ҷыдарақәа шамоу, аха аамҭакала, европатәи акультурагьы ишеиҧшу
Қырҭтәыла Европа акультуратә қәыҧшылара иузалымхуа хәҭоуп. Ҳара ҳтәыла еснагь иҟан егьыҟалоит ари ақәыҧшылара аоргантә гармониатә хәҭас, – иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза – министр Мамука Бахтаӡе апроект – „Қырҭтәыла, Европа“ аартра ацеремониаҿы данықәгылоз.
Аиҳабыра рнапхгаҩы Қырҭтәыла ажәытәӡатә, уникалтә культуреи атрадициақәеи, ашәышықәсарацәалатә ҭоурыхи дрылацәажәеит.
„Ашәышықәсақәа рыҩнуҵҟа ақырҭуа культура шьақәгылон ахкырацәаратә ҭоурых ашьаҭа ала, уи иҕәҕәоу амилаҭтә ҷыдарақәеи ақырҭуа культура аҷыдарақәеи рырҕәҕәара иацхраауан. Ҳара ҳгеографиагьы аҵакы ҷыда амоуп, Европеи Азиеи рыбжьара ҳаҟоуп, ашәышықәсарацәала Қырҭтәыла ацҳа ароль нанагӡон. Ҳара иаҳҭаауа асасцәа зегьы иаразнак игәарҭоит ақырҭуа культура ахатә ҷыдарақәа шамоу, аха аамҭакала, европатәи акультурагьы ишеиҧшу, избанзар ҳара азеиҧш ашьаҭа ҳамоуп – азеиҧш культуратә принципқәа рыла ҳаидҳәалоуп. Убри аҟынтә, иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп европатәи аҭаацәара алахәызаара иазкны ақырҭуа жәлар иҟарҵаз алхра аполитикатә ҟазшьа мацара шамам, уи ацивилизациатә гәазыҳәароуп“, – иҳәеит Мамука Бахтаӡе.
Зымҽхак дуу апроект „Қырҭтәыла, Европа“ аадыртит жәларбжьаратә форум – „Акультурақәа реимадара – Қырҭтәылеи Европеи рбаҩхатәратә ҧеиҧш аҿиара“ ала. Аҧыза – министр агәра ганы дыҟоуп зыӡбахәы ҳәоу афорум ала аиҿцәажәарақәа рсериа ишалаго, уи еиуеиҧшым европатәи акультурақәа еиднаҳәаланы, абарҭ акультурақәа рыгәҭа ақырҭуа культура ароль аанарҧшуеит. Аиҳабыра рнапхгаҩы идҵа инақәыршәаны, аҵареи аҵарадырреи акультуреи аспорти рминистрра ҳаҧхьаҟагьы ари ахырхарҭала акрызҵазкуа ауснагӡатәқәа мҩаҧнагоит, акампаниа „Қырҭтәыла, Европа“ атрадициатә ҟазшьа ауеит.
Мамука Бахтаӡе иҳәамҭала, Қырҭтәыла европатәи акультуратә қәыҧшылара иузалымхуа ахәҭа шакәу атәы иаҳа ирацәаны иалацәажәатәуп, ас еиҧш иҟоу афорумқәа абри афилософиа ашьақәырҕәҕәараҿы акрызҵазкуа ароль нарыгӡоит.