Мака Боҷоришвили - Европаҿ ахәынаӡарақәа рыхьчара аганахьала уадаҩрақәак иҟоуп, ари амзызла Қырҭтәыла Будапешттәи аконференциа аплатформа активла алахәуп
Аконсервативтә политикатә хҭысқәа ирызку аконференциа — Европаҿ акрызҵазкуа хҭысуп, — илҳәеит Қырҭәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили.
“Қырҭтәыла есышықәса ари аконференциа алахәуп. Аконсервативтә политикатә хҭысқәа ирызку аконференциа — Европаҿ акрызҵазкуа хҭысуп. Европаҿ ахәынаӡарақәа рыхьчара аганахьала уадаҩрақәак иҟоуп, ари амзызла Қырҭтәыла Будапешт имҩаԥысуа Аконсервативтә политикатә хҭысқәа ирызку аконференциааплатформа активла алахәуп”, — зилҳәеит Қырҭәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили.