Маиа Санду -  Иахьатәи аконференциаҿы Молдовеи, Қырҭтәылеи, Украинеи реизыҟазаашьақәа рырҕәҕәара алацәажәара сахыццакуеит
Маиа Санду -  Иахьатәи аконференциаҿы Молдовеи, Қырҭтәылеи, Украинеи реизыҟазаашьақәа рырҕәҕәара алацәажәара сахыццакуеит

Молдова ахада  Маиа Санду  Қырҭтәыла лвизит иазкны илҩит амикроблог  «Твиттер» аҿы.

Лара ишазгәалҭаз ала, аконференциаҿы Қырҭтәылеи, Молдовеи, Украинеи реизыҟазаашьақәа рырҕәҕәара азҵаареи Мрагыларатә партниорра аҧеиҧши  иалацәажәоит.

«Иахьатәи аконференциаҿы Молдовеи, Қырҭтәылеи, Украинеи реизыҟазаашьақәа рырҕәҕәара алацәажәара сахыццакуеит. Ҳара  Мрагыларатә партниорра аҧеиҧшгьы ҳазааҭгылоит. Сара Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвилии Украина ахада Владимир Зеленскии, Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишели  сырҧылоит», — илҩит  Маиа Санду.