Илиа Дарчиашвили  Молдова ахада Маиа Санду дылҧылеит
Илиа Дарчиашвили  Молдова ахада Маиа Санду дылҧылеит

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили,  Кишиниов ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны,   Молдова ахада Маиа Санду дылҧылеит.  Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.

«Аганқәа рхаҭарнакцәа Еврокомиссиа аҭоурыхтә аӡбара ахәшьара ҳаракы аҭаны,  ишазгәарҭаз ала,  уи абзоурала,  Молдовеи Қырҭтәылеи  ревроинтеграциа апроцессаҿы аетап ҿыц иалагеит.

Молдова ахадеи  Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистри иаҵшьны иазгәарҭеит Евроеидгыла алалара апроцессаҿы акоординациа ҕәҕәа аҵакы ду шамоу. Ари аганахьала ҷыдала иазгәаҭан Ассоциациатә трио аформат аҵакы.

Илиа Дарчиашвили ишиҳәаз ала,  Европатәи аполитикатә еидгыла анеҩстәи аиҧылара Молдова амҩаҧгара дазыразуп,  ари аформат аҩ-тәылак Евроеидгылашҟа ралалара иацхраап ҳәа дгәыҕуеит.

Аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра ҷыда азун ашәарҭадара аганахьала арегионаҿ аҭагылазаашьа аицәахара.

Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Молдовеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара инаркны  30 шықәса аҵра иазааҭгылан,  иаҵшьны иазгәарҭеит ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рырҭбааразы иҟоу апотенциал ду», — иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.