Литва адәныҟатәи аусқәа рминистр  - Қырҭтәыла иҟоу акризис алҵразы иреиҕьу мҩоуп аҿыц алхрақәа рымҩаҧгара  
Литва адәныҟатәи аусқәа рминистр  - Қырҭтәыла иҟоу акризис алҵразы иреиҕьу мҩоуп аҿыц алхрақәа рымҩаҧгара  

«Қырҭтәыла иҟоу акризис алҵразы иреиҕьу мҩоуп аҿыц алхрақәа рымҩаҧгара», — иҳәеит Литва адәныҟатәи аусқәа рминистр Кастутис Будрис Евроеидгыла атәылақәа рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа реиҧылара иалагаанӡа.

Иара иажәақәа рыла,  «уи прогрессхоит, мамзар, Қырҭтәыла адемократиа хыбгалоит».

«Ақырҭуа жәлар европатәи аҧеиҧш рымазар шырҭаху ҳбоит.  50 мшы ҵит, аха, дара уажәгьы адәахьы игылоуп. Убри аҟынтә, арҭ ахҭысқәа рықәҿыҭра иаҳуалуп. Адәныҟтәи аусқәа рминистрцәа аҵыхәтәантәи реиҧылараан уи ҟаҳамҵеит, аамҭа ҳацәцеит. Литвеи егьырҭ атәылақәаки аҧкратә шьаҿақәа ҟарҵеит. Ари ахырхарҭала ацара наҳагӡароуп.  Уажәазы Қырҭтәыла иҟоу акризис алҵразы иреиҕьу мҩоуп аҿыц алхрақәа рымҩаҧгара. Уи прогресхоит ҳәа ҳгәы иаанагоит, мамзар, Қырҭтәыла адемократиа хыбгалоит», — иҳәеит Литва адәныҟатәи аусқәа рминистр.