Ликани анхарҭатә ҩнаҿы иҟалаз аҧжәараан ааха зауз аҧҳәыс дыҧсит
Ликани анхарҭатә ҩнаҿы иҟалаз аҧжәараан ааха зауз аҧҳәыс дыҧсит

Ликани анхарҭатә ҩнаҿы иҟалаз аҧжәараан ааха зауз аҧҳәыс дыҧсит. Аҧҳәыс Борџьоми ахәышәтәырҭашҟа днаргеит, аха, илоуз аахақәа рымшала  аҳақьымцәа  леиқәырхара рылымшеит.

Ақалақь ахадара 15 еихагыла змаз акорпус иҩназ  ауааҧсыра (86ҩык) рыхәҭак  асасааирҭақәа ирыҩнарҵеит, егьырҭ руацәа рҿы идыршеит.  Самхараули ихьӡ зху Амилаҭтә експертиза абиуро ахаҭарнакцәа аҧжәара амзызқәа  ҭырҵаауеит,  уаанӡа аӡәгьы акорпус аҩналара азин имам.

Аусеилыргара мҩаҧысуеит ауаа рыҧсра ма алҵшәа цәгьақәа зхылҵыз ашәарҭадара аҧҟарақәа реилагара  ахәҭаҷ ала.

Иацы Ликани,  анхарҭатә корпус аҩбатәи еихагылаҿ аҧжәара ҟалеит,  заанаҵтәи адыррақәа рыла,  ари афакт аҧсабаратә газ ацәцара иахҟьахеит.